"Араса ахәшәтәра аганахьала ауадаҩра ҳамоуп, ақыҭаҟны ҩ-нызқьи ҩышә шьаҭа ыҟоуп, ахәшә акәзар, даара имаҷуп. Ҵыԥх акәзар, сара 80 кьыла ахәшә соуит, уи даара имаҷуп: 400-500 грамм ауаҩы иоуит. Уи ала ирасаҭра изыхәышәтәуам. Араса ҩынтә-хынтә ахәшәтәра аҭахуп, аԥакәа иара убас амармалташьтә пты рҟынтәи иухьчаруп. Ақыҭаҟны 1700-ҩык иреиҳауп инхо. Ачымазаҩ думаны амҩа уқәлар, Гал ма Очамчыра днаугаанӡа дыԥсуеит, убри аҟара амҩа цәгьоуп. Аҽгәара амҩа аҟынӡа ф-километрак бжьоуп, сааҭк уқәхоит. Ақыҭаҟны ауадаҩрақәа рацәоуп. Амҩа анаҩсгьы афымцатә шьаҟақәа, Ҵарчеи Уақәыми ирыбжьысуа аӡиас ауаа рыҩнқәа аӡәӡәеит, ҩба-хԥа ҩны агахьеит, даҽазны ихыҵыр - даҽа убри аҟара агоит", - иҳәеит Абгаџьаа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҵәыџьба Гал адгьыл ақәаарыхразы: ихьшәаны ҳалагеит, аха ҵыԥх аасҭа ҳцәаӷәахьеит
Ԥарулуа Бабышьра инхо рыбзазашьазы: уамак ҳашшыртә иҟам