Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҵәыџьба Гал адгьыл ақәаарыхразы: ихьшәаны ҳалагеит, аха ҵыԥх аасҭа ҳцәаӷәахьеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТамаз Цвижба
Тамаз Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ, араион ақыҭанхамҩатә усбарҭа аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба еиҭеиҳәеит ааԥынтәи адгьылқәаарыхратә усурақәа рцашьа.
Раионк аԥсҭазаараҟнытә: Ҵәыџьба Гал араион аҟны ацәаӷәарақәа ирызкны

"Араион аҟны акоронавирус ҿкы аламырҵәаразы аусқәа цон, иахьагьы ицоит. Анхамҩа аус атәы ҳҳәозар, араион аҟны атехника зегьы еиқәыршәаны иҳаман. Ауаа рацәа еиқәымшәакәа, досу имхаҟны атракторқәа рныҟәцаҩцәа неины ирзырцәаӷәоит. Ҳусқәа маншәаланы ицоит уи аганахьала. Ҵыԥх иаҿырԥшны сынтәа иаҳа ихьшәаны ацәаӷәара ҳалагеит, аха усҟан аасҭа еиҳаны имҩаԥгоуп аусурақәа. Ажәларгьы аҳәара рымоуп аԥш, аҟәыд аарыхразы адгьылқәа иҭацәны иҟаз рцәаӷәарц, ҳаргьы уи ҳадгылеит. Иахьазы ҳраион аҟны 35-40 процент рҟынӡа инагоуп ацәаӷәара аусқәа", - иҳәеит Ҵәыџьба.

Иара иазгәеиҭеит иахьатәи аҭагылазаашьа ҳасаб азуны атрактор амаҭәахәқәа рыла еиқәшәам ҳәа имашшыкәа, еидгыланы, ԥсыхәа злаҟоу ала ауадаҩрақәа шаԥырхуа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Акоронавирус иадҳәалоу ҳажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0