АҞӘА, мшаԥы 30 – Sputnik. Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз Адҵа инақәыршәаны, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы министрс Даур Кәырмазиа дҟаҵоуп. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп: "Даҭазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рминистрс Кәырмазиа Даур Леонти-иԥа".
Даур Кәырмазиа диит нанҳәа 28, 1974 шықәса рзы Гәдоуҭа.
1991 шықәса рзы Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аекономикатә факультет дҭалоит, далгоит 1997 шықәса рзы.
2005 шықәса рзы ААУ азиндырратә факультет далгоит.
1997 – 2003 шш. рзы аус иуан Афинансқәа рминистрраҿы, ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭаҿы ҟазауаҩ хадаси ҟазауаҩ нагаси.
2003 – 2004 шш. рзы аус иуан Гәдоуҭа араион ашәахтәқәеи аизгақәеи русбарҭа аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аҟәшаҿы.
2004 шықәса хәажәкырамзазы диаган Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс.
2005ш. – Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аҟәша аиҳабы.
2006ш. – ИАЕ "Оливиус" аҳасабеилыргаҩ хада.
2009 -2011 шш. ИАЕ "Мюссера" аҳасабеилыргаҩ хада.
2011 – 2015шш. – Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аппарат хада аиурист хаҿқәа ашәахтә рықәҵара аусбарҭа аиҳабы.
2015 ш. – АУН "ОПК Пицунда" адиректор.
2016 ш. – Аԥсны Ахада иҟаиҵаз Адҵа инақәыршәаны, Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы рминистр.
Дҭаацәароуп. Аԥеи аԥҳаи имоуп.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны ахада хҩык аминистрцәа аиҭеит
Еидырҵаз, еиҭаркыз: Аԥсны аиҳабыра реилазаашьа ҿыц