Урыстәыла аԥыза-министр Мишустин акоронавирус имоуп

Михаил Мишустин урыстәылаа ирабжьигеит аҩны иҟазарц, иара ихаҭа аҽыԥхьакра арежим даҵагылоит.
Sputnik

АҞӘА, мшаԥы 30 - Sputnik. Урыстәыла аԥыза-министр Михаил Мишустин акоронавирустә инфекциа идбалоуп ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәыла аҽыԥхьакратә режим маитәи аныҳәақәа рышьҭахь иаԥыххар ҟалоит

Мишустин дшычмазаҩхаз азы Владимир Путин адырра ииҭеит.

Михаил Мишустин иҳәеит Аминистрцәа реилазаара аус шауло, иара ахарантә аусура дшахылаԥшло.

Иара дахьынӡаҟам аԥыза-министр инапынҵақәа Андреи Белоусов инаигӡаларц аҳәара ҟаиҵеит. Владимир Путин уи дақәшаҳаҭхеит.

Роспотребнадзор адыррақәа рыла, мшаԥы 30 рзы Урыстәыла 106 000-ҩык акоронавирус рымоуп. Ргәабзиара шьақәгылахьеит 11 000-ҩык.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>