Урыстәыла аҽыԥхьакратә режим маитәи аныҳәақәа рышьҭахь иаԥыххар ҟалоит

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСемья из Краснодара во время самоизоляции записывает концерт для трансляции в Instagram
Семья из Краснодара во время самоизоляции записывает концерт для трансляции в Instagram  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Урыстәыла иахьаҵанакуа иааидкыланы 87 000-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп.

АҞӘА, мшаԥы 27 – Sputnik. Аҽыԥхьакратә режим маҷ-маҷ арԥсыҽра алшоит лаҵарамза абжарахь ианнеиуа ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Роспотребнадзор анапхгаҩы Анна Попова лажәақәа ааго.

Лара лгәаанагарала, уажәазы аԥкрақәа раԥыхра заацәоуп, апроцесс лаҵара 12 рынахыс ихацыркхоит.

"Аҵарауааи ҳареи аимадара ҳамоуп. Даргьы макьана изаацәоуп ҳәа ҳарҳәоит", - лҳәоит Попова.

Уаанӡа лара аҳәамҭа ҟалҵахьан аныҳәамшқәа раан аҽыԥхьакра хымԥадатәуп ҳәа. Урыстәыла акоронавирус аинкубациатә аамҭақәа ҩба ишырхысхьоугьы, аԥсҭазаара ҭынч ахь ахынҳәразы ахԥатәи аинкубациа аамҭа иахысроуп.

Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иахьа иҳәеит мызқәак рышьҭахь ауаа ачымазара ирызцәырнагаз ауадаҩрақәа зегь рхадыршҭуа иҟалоит ҳәа.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла Урыстәыла 87 000-ҩык акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп. 7 000-ҩык ргәабзиара иазыхынҳәит. Рыԥсҭазаара иалҵхьеит 794–ҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0