Акоронавирус аӡәгьы идбалам: ачымазара ҿкы азы Аԥсны даҽа 32-ҩык гәаҭоуп

Мшаԥымзазы Аԥсны иахьаҵанакуа хҩык ауааԥсыра акоронавирус шрыхьыз аарԥшын, урҭ рахьынтә ҩыџьа рхәышәтәит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 2 - Sputnik. Ииасыз уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа Аԥсны акоронавирус амазааразы игәарҭеит 32-ҩык. Атестқәа зегьы уи мап ҳәа днарбеит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы Аоперативтә штаб. Абасала иахьазы ареспублика иахьаҵанакуа акоронавирустә инфекциа змоу уаҩ дыҟам.

Аштаб аҟны излазгәарҭаз ала, имҩаԥыргаз атестқәа рхыԥхьаӡара иахьацлаз зыхҟьаз акоронавирус зыхьны Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуаз апациентцәа ирныруаз, акарантин аҿы иҟоу амедицинатә усзуҩцәа реиҭагәаҭара ахьаҭахыз ауп. Аԥкаанҵа ишаҳәо ала, урҭ рҽыԥхьакра аамҭа анынҵәалак, COVID-19 рылоу ирыламу агәаҭаразы ҩаԥхьа атест иахыжьтәуп.

Мшаԥы 27 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟынтәи дыҭҩаан COVID-19 Аԥсны атәылауаа рахьтә раԥхьаӡа изыхьыз апациент. Уи аԥхьа мчыбжьык шыбжьаз дыҭҩаан аҩбатәи апациентгьы.

Ахԥатәи апациент - 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс мшаԥы 26 рзы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны лыԥсҭазаара далҵит. Мшаԥы 11 рзы адиагноз лзықәыргылан, аха лара ахәышәтәырҭахь ацара мап ацәылкит. Аамҭақәак рышьҭахь лҭагылазаашьа анеицәаха ауп ахәышәтәырҭахь даннаргаз.

Акоронавирустә инфекциа мшаԥымзазы ирыдбалан хҩык, ҩнык аҿы инхоз Гагра ауааԥсыра.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>