Аҟәа ахәҭак фымцалашарада иаанхеит

Абыржәтәи аамҭазы афымцалашара рымам Аҳабла ҿыц, Гәымсҭа амассив, Алашарбага аҳаблан, Ҩада Ешыра ақыҭа хәҭакахьала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Аԥсны аҳҭнықалақь ахәҭак фамцалашарада иаанхеит иҟалаз авариа иахҟьаны. Абри азы адырра ҟанаҵеит ареспубликатә-унитартә наплакы "Амшынеиқәафымцамч" асоциалтә ҳа Facebook аҿтәи адаҟьаҿы.

Авариа ахьыҟалаз аҭыԥан аус руеит "Амшынеиқәафымцамч" аспециалистцәа. Ааха аиура мзызс иамоу атәы ҳәам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: