Урыстәыла асабрадақәеи егьырҭ ахыхьчага маҭәашьарқәеи рекспорт азин ҟанаҵеит

Хәажәкырамза алагамҭазы асабрадақәеи егьырҭ ахыхьчагатә маҭәашьарқәеи Урыстәыла иалганы рыҭира ақәиҭымтәра алагалан, убри иахҟьаны Аԥсны аԥҭекақәа рҟынгьы арҭ амаҭәашьарқәа разымхара ҟалеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 3 - Sputnik. Урыстәыла аиҳабыра ахыхьчагатә маҭәашьарқәа рекспорт аамҭалатәи ақәиҭымзаара аԥнахит, абри атәы зҳәо адокумент кьыԥхьуп азинтә информациа аинтернет-портал аҟны.

Агәабзиарахьчара аминистрра аԥкрақәа лаҵара 15 рҟынӡа ирнахатәуп рҳәеит

Ахыхьчагатә маҭәашьарқәа рекспорт ақәиҭымзаара алагалан хәажәкыра 2 инаркны рашәара 1 аҟынӡа. Урҭ рхыԥҳьаӡарахь иаҵанакит асабрадақәа, абинтқәа, абамба, акасыш уҳәа убас егьырҭӷьы. Урыстәыла алгара иҟамло амаҭәашьарқәа иреиуан убасгьы ахирургиатә напҭарԥақәа, абахилқәа, аԥсыԥлагаҩагаратә аппаратқәа, арзҩыдатәгақәа уҳәа. Арҭ аԥкрақәа алагалан Урыстәыла атәылауаа ринтересқәа рыхьчара инақәыршәаны.

Аԥсны Агәабзиарахьчара, аминистрра арҭ аԥкрақәа инарымаданы, ахәшәқәеи амедицинатә маҭәашьарқәеи реидкылара иалагеит, атәыла ахәышәтәырҭақәа реиқәыршәаразы ҳәа адырра ҟаҵан Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзураҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: