Агәабзиарахьчара аминистрра аԥкрақәа лаҵара 15 рҟынӡа ирнахатәуп рҳәеит

© SputnikМинистерстве здравоохранения Абзазии
Министерстве здравоохранения Абзазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аҵакыраҿы акоронавирус аламырҵәаразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалан хәажәкыра 25 раахыс. Ари аамҭа иалагӡаны хҩык акоронавирус зыхьыз аарԥшын, урҭ рахьтә аӡәы ахәышәтәырҭа дҭыҵхьеит, 1925 шықәсазы ииз ачымазаҩ лыԥсҭазаара далҵит.

АҞӘА, мшаԥы 27 - Sputnik. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Ҭамаз Ҵахнакьиа ахәшьара аиҭеит атәылаҿ иҟоу асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура. Иара игәаанагарала аԥкырақәа шыҟоу иааныжьтәуп лаҵара абжаранӡа.

Иахьатәи асанитар-епидемиологиатә ҭагылазаашьа шәарҭара аҵам ҳәа иазиԥхьаӡоит Ҵахнакьиа. Иҿыцу акоронавирус змоу аӡәгьы дыҟам. Аха COVID-19 иҳаԥну атәылақәа рҿы иахьыҟоу, уахьынтәи ҳтәылауаа ахьаауа агәҭынчымра ацуп.

"Иахьа Урыстәыла иахьаҵанакуа зехьынџьара ачымазара змоу рхыԥхьаӡара еизҳауеит. Роспотребнадзор адыррақәа рыла, асеиԥш лаҵара 15 рҟынӡа иҟалар алшоит. Иҟалаша аҳәара уадаҩуп, аха лаҵара 15 рҟынӡа аҽыԥхьакратә ҭагылазаашьа иқәныҟәатәуп", - ҳәа иазиԥхьаӡоит аминистр.

Иара иажәақәа рыла, лаҵара 15 рынахыс ауп ак уҳәартә ианыҟало. Иҳаԥну аҳәынҭқаррақәа рҟны аҭагылазаашьа ҳаргьы анырра ҳнаҭоит.

Аминистрра иаԥхьаӡоит лаҵара 15 анахыс ареспубликаҿы аҭагылазашьа ҭышәынтәалахар, аԥкратә уснагӡатәқәа рырԥсыҽра алшоит.

"Иахьазы ҳазлацәажәо лаҵара 15 рҟынӡа аԥкырақәа шыҟоу иааныжьтәуп ҳәа ауп. Дара урҭ аԥкрақәагьы гәыгәҭазыжьуа маҷҩым. Атәылауаа рахь ааԥхьара ҟаҳҵоит абжьагарақәа ирықәныҟәаларц", - иҳәеит Ҵахнакьиа.

Аԥсны аҵакыраҿы акоронавирус аламырҵәаразы аҭагылазаашьа ҷыда алагалан хәажәкыра 25 раахыс.

Мшаԥы 20 раахыс азин ыҟоуп аџьармыкьақәа русура.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0