Шәачатәи аԥҳәыс аԥснытәи лысасцәа рҟынтә авирус лоузар ҟалоит

Краснодартәи атәылаҿацә ахадара асаит аҟны ашәахьаҽны аинформациа цәырҵит аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Ҟәбан авирус быжьҩык ирыдбалоуп ҳәа. Урҭ авирус Москвеи, Хабаровски, Аԥсни рҟынтә инеиз ирҿыркааит ҳәа ҳәоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Шәача инхо аԥҳәыс COVID-19 лоузар ҟалоит аԥснытәи лысасцәа рҟынтәи ҳәа аҳәоит Краснодартәи атәылаҿацә акоронавирустә инфекциа аҿагылараз аоперативтә штаб адырраҭара.

ААЕ: адунеи аҿы COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 3,3 миллион иахысит

"Иҟоу ахҭысқәа зегь ҭырҵаауеит. Аԥснытәи аҭагылазаашьа акәзар абас иҟоуп – Шәача инхо аԥҳәыс дычмазаҩхеит. Лара лыкәша-мыкәша дызныруаз шьақәыргылан. Урҭ авирус рымамызт. Ус лара илгәалашәеит мшаԥы 19 рзы Аԥснынтәи асасцәа шлымаз. Урҭ авирус асимптоматика рыманы иҟан. Убарҭ заҵәык роуп агәаҭара иахымсыц", - ҳәа рҳәеит аштаб аҿы.

Аштаб аҟны ирҳәеит, аҳақьымцәа ражәақәа рыла, лара лҭагылазаашьа шшәарҭам.

Аԥснытәи лысасцәа рхы ахьдырхази дара рганахь ала ареспублика аоперативтә штаб аҿы дыррас ирымоуи азҵаарақәа ҭакда иаанхеит. Аштаб аҿы иара убасгьы иазгәаҭан дара шмаҷҩымыз.

Краснодартәи атәылаҿацә ахадара асаит аҟны ашәахьаҽны аинформациа цәырҵит аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла Ҟәбан авирус быжьҩык ирыдбалоуп ҳәа. Урҭ авирус Москвеи, Хабаровски, Аԥснынтәи инеиз ирҿыркааит ҳәа ҳәоуп. Егьырҭ апациентцәа 96-ҩык аҩныҵҟа ишьҭыркааит авирус. Урҭ рыбжьара быжьҩык хәыҷқәоуп.

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, ареспубликаҿы иахьазы ичмазаҩу уаҩ дыҟам. Апандемиа иаалагазар ичмазаҩхахьоу хҩык роуп. Ҩыџьа ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы, 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>