ААЕ: адунеи аҿы COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 3,3 миллион иахысит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГоспиталь COVID-19 НМИЦ ССХ им. А. Н. Бакулева Минздрава РФ
Госпиталь COVID-19 НМИЦ ССХ им. А. Н. Бакулева Минздрава РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәабзиарахьчараз адунеитә еиҿкаара хәажәкыра 11 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит акоронавирустә инфекциа COVID-19 пандемиоуп ҳәа.

АҞӘА, лаҵара 4 - Sputnik. Адунеи аҿы COVID-19 змоу рхыԥхьаӡара 3,3 миллион иахысит, урҭ рҟынтәи рыԥсҭазаара иалҵхьеит 238 нызқьҩык ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Агәабзиарахьчараз адунеитә еиҿкаара (ААЕ) адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Иҟоу аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, адунеи аҿы уахыки-ҽнаки рыла 82,7 нызқьҩык ачымазарҿк рыхьит, зынӡа 3 349 786-ҩык. Уахыки-ҽнаки рыла иԥсыз рхыԥхьаӡара 8657-ҩык ыҟоуп. Зынӡа адунеи аҿы авирус иахыԥсаахьеит 238 628-ҩык", - аҳәоит адырраҭара.

Аиҳарак ачымазара рымоуп Европа (1 518 895), уаҟа иԥсхьеит 142,6 нызқьҩык.

Аԥсны апандемиа аамҭазы хҩык акоронавирус рыдбалан. Ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿ ргәабзиара шьақәдыргылеит, 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Ареспубликаҿы уаҳа аӡәгьы акоронавирустә инфекциа идбалам.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0