Аныҳәа азгәаҭахоит: атәыла анапхгара хаҭала аветеранцәа ирыдныҳәалоит

Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аилацәажәара мҩаԥигеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара азҵааразы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Атәыла анапхгареи араионқәа рхадацәеи хаҭала Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75 шықәса ахыҵра амш аветеранцәа ирыдырныҳәалоит лаҵара 9 рзы иҳәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.

"Аԥсны ахада иусдҵа инақәыршәаны Аԥсны аӡбамҭа рыдыркылеит иазԥхьагәаҭаз ауснагӡатәқәа аанкылазарц иҟоу аҭагылазаашьа инадҳәаланы, аха аветеранцәа ныҳәада иҳазныжьуам. Убри азы атәыла ахадареи араионқәа рхадацәеи хаҭала абри амшныҳәа аветеранцәа ирыдырныҳәаларц ирҭаауеит", - иҳәеит Гәынба.

Иара иазгәеиҭеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәа лаҵара 9 рзы аматериалтә цхыраара шырзыҟаҵахо, аҳамҭақәа шрыҭахо.

Аԥсны иахьатәи амш азы 48-ҩык Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәеи атыл аџьабаа азызбози нхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: