Арадио

Нанба аветеранцәа аԥара рызшәаразы: аҭагылазаашьа уадаҩ иаҿмырԥшкәа, ацхыраара рзыҟаҵан

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аветеранцәа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ҳтәылаҿы инхо аветеранцәа Аиааира ду амш аламҭалазы ирырҭаз аԥаратә ҳамҭақәа ртәы.
Sputnik
Нанба аветеранцәа аԥара рызшәаразы: аҭагылазаашьа уадаҩ иаҿмырԥшкәа, ацхыраара рзыҟаҵан

"Владимир Путин иҟаиҵаз аҳәамҭала аԥаратә ҳамҭақәа заураны иҟаз ҳауаажәлар зегьы аҵанамкит, уи Урыстәыла иҭаҩу мацара роуп. Иахьа иҳамоу 54-ҩык рахьынтә 15-ҩык уахь иҭаҩӡам. Урҭ 50-50 нызықь мааҭ аԥара рыҭан, уи рнапаҟны идҳаркхьеит. Уи адагьы, ҳветеранцәа еиҭа ауаажәларратә еиҿкаарақәа ирыдырныҳәалеит, аԥаратә ҳамҭақәагьы рырҭеит. Абасала, инеицҵа-ааицҵо Урыстәыла аветеранцәа ироуа аҟынӡа инаҳгап ҳәа сгәы иаанагоит. Адунеи зегь аҿы иҟоу афинанстә кризис иахьмырԥшкәа Аԥсны иалшеит урҭ ацхыраара рыҭара. Дара ҳветеранцәагьы ргәы иаахәеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Нанба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: