Аԥснытәи аветеранцәа Аиааира амш азы аԥара рзыршәеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование Дня Победы в городах России
Празднование Дня Победы в городах России - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны аиҳабыра рыхьӡала Аиааира ду амш инадҳәаланы 15-ҩык аветеранцәа аԥара рызшәоуп.

АҞӘА, мшаԥы 4 - Sputnik. Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду Аԥснытәи аветеранцәа Аиааира амш азы 50-50 нызқь мааҭ рзыршәеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аветеранцәа реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Закан Нанба.

Арҭ аветеранцәа Урыстәылантәи иаку ашәара змауз роуп. Дара зынӡа 15-ҩык ыҟоуп. Абри азы аусдҵа инапы аҵаиҩит уаанӡатәи аԥыза-министр Валери Бганба.

"Ҳтәылауаа зегьы аҵанамкит Владимир Путин иусдҵала иршәоз аԥара аиура. Аԥсны иҟоу 44-ҩык аветеранцәа рҟынтәи 15-ҩык Урыстәыла иҭаҩым. Аԥсны урҭ Урыстәылеиԥш 75-75 нызқьмааҭ рызрымҭеит аха 50-50 нызқьмааҭ рызшәахеит. Уаанӡатәи аԥыза-министр Валери Рамшьыхә-иԥа Бганба ари азҵаара иӡбеит усҟантәи афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба далархәны", - иҳәеит Закан Нанба.

15-ҩык аветеранцәа аԥарақәа рырҭахьеит. Егьырҭ иаанхаз иаку ашәара аҳасабала 75 000 мааҭ роураны иҟоуп.

Посольство РФ - Sputnik Аҧсны
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа ирыдныҳәалеит

"Ҳара абри ҳалҳаршеит урыстәылатәи ашәарақәа ирыҵанамкыз рзы. Арҭ аԥарақәа ԥара дук ракәымзаргьы, ргәы иахәап ҳәа сыҟоуп, – иҳәеит Нанба. – Путин иҳәамҭаҿ Урыстәылеи Прибалтикатәи атәылақәеи рҟны инхо аԥара рызшәахоит ҳәа аниҳәа, ҳара ҳветеранцәагьы зегь аҵанакуаз џьыршьеит. Ари асиа иаҵанамкыз, ҳәарада, ргәы рыхьит. Ирзыҟаҳҵаз ашәара агәахәара рызцәырнагеит", - ҳәа азгәеиҭеит Нанба.

Аиааира 75 шықәса ахыҵра амшныҳәаз аибашьра ду аветеранцәа зныктәи аԥарашәарақәа рызшәаразы Владимир Путин аусԥҟа инапы аҵаиҩит 2020 шықәса жәабранмзазы.

Агәазҭаҵагатә ԥарашәарақәа ирыҵаркуеит: Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду алахәылацәеи аинвалидцәеи, "Аблокадатә Ленинград ауааԥсыра" ҳәа адырга ҷыда змоу, зықәра намӡацыз афашизм атҟәацәа, Финлиандиеи, Иапониеи, Германиеи рабашьраан иҭахаз рыҳәса, рхацәа. Иааидкыланы 75-75 нызқь мааҭ инаӡо аԥарашәара рзыҟаҵахоит 537,1 нызқьҩык.

Изныктәу 50 000 мааҭ роуеит аибашьра ду атыл аветеранцәа, зықәра намӡацыз аконцлагерқәеи геттои ԥасатәи рытҟәацәа, зынӡа - 601,4 нызқьҩык.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0