АҞӘА, лаҵара 6 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гал араионаҿ инхо Зинаида Шамугьиа лаҵара 5 рзы 112 шықәса лхыҵра азгәалҭеит. Аԥсны реиҳа ақәра рацәа змоу ируаӡәку Зинаида лыуацәеи, лҭынхацәеи, лгәылацәеи лыкәыршаны лымшира даԥылеит.
"Нанду Зина лхы дахашшаауа дыҟам. Лымшира аҽны лныҳәаҿа шьҭаҳхит. Ларгьы дҳалагәырӷьеит, ҳазегь лықәраҟара наҳҵуа ҳәа дҳақәныҳәеит", - ҳәа еиҭалҳәоит лыуаԥҳәыс Маиа Қьецбаиа.
Зинаида Шамугьиа диит лаҵара 5, 1908 шықәсазы Барӷьаԥ ақыҭан. Лара ЕгрыГЕС аргылара дахаануп, уа хәыҟаҵаҩыс аус луан жәашықәса рыҩнуҵҟа.
Зинаида иара убасгьы араионтә чаифабрикаҿ аус луан, лусура бзиазы амедал "Асоциалисттә хыдҵақәеи аплантә усдҵақәеи рҟны аихьӡаразы" ланашьан. Иара убасгьы далкаан "1975 шықәсазы асоциалист еицлабра аиааиҩы" адыргала.
Зинаида лышықәсқәа шмаҷымгьы ҭыԥк аҿы дтәаны дубом. Аҩнтәи аусқәа лнапы рылакуп, лхатә уҭра дҭоуп, араса лааӡоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Шәышықәса ирҭысхьоу: зықәра иахамшшаауа абырг лыԥсҭазаашьа