Арадио

Абыџба: Ԥсахара инхо ргәы иҵхо ауп агәамсамкажьырҭа азҵаара

Арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны Гагра араион Ԥсахара ақыҭа ахада Ахра Абыџба еиҭеиҳәеит ақыҭа иахьатәи абзазашьа атәы.
Sputnik
Абыџба: Ԥсахара инхо ргәы иҵхо ауп агәамсамкажьырҭа азҵаара

"Ԥсахара аҳабла Бызԥҭа ақыҭеи Гагреи рыбжьара иҟоуп. Иахьа нас ааԥынразы анхашәа-чашәа аамҭа ҳҭагылоуп, ауҭра, амхқәа рнапы адыркит анхацәа. Ацәаӷәара ахьаҭаху, ашәыр ашьапқәа ахьбаҳатәу аус адырулоит. Досу рыҩнқәа рҟны ауҭраҭых ааӡарҭа хәыҷқәа ргыланы ирымоуп, апатырџьан, аиаҵәара аадрыхуеит. Ҳқыҭаҟны агрофирма "Гагрыԥшь" ыҟоуп, еиҳарак ацитрус шәырқәа ахьырааӡо нхамҩоуп. Ԥыҭҩык ақыҭауаа уа аус руеит. Амшын аҟынӡа километрак ахьбжьоу ыҟоуп, ауаа рыҩнқәа рҿы аԥсшьаҩцәа рыдыркылалоит. Егьыс ҳқыҭаҟны аԥацхақәа ыҟоуп, ақалақь аҟынтәи апсшьаҩцәа урҭ ирҭаауеит. Иҟоуп аԥсшьарҭа хәыҷқәа ргыланы измоу", - иҳәеит Абыџба.

Иара иазгәеиҭеит ақыҭауаа ргәы иҵхо акәны ишыҟоу агәамсамкажьырҭа азҵаара.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: