Адгәыр Дасаниа Цандрыԥшь ахада инапынҵақәа наигӡалоит

Адгәыр Дасаниа абри аҭыԥ аҿы диԥсахт Бадри Ԥлиа. Бадри Ԥлиа хатәгәаԥхарала инапынҵақәа аанижьит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 7 - Sputnik. Адгәыр Дасаниа Цандрыԥшь ақыҭа ахада инапынҵақәа наигӡалоит ҳәа аанацҳауеит Гагра араион ахадара асаит.

Дасаниа иаҭаразы аусдҵа инапы аҵаиҩит Гагра араион ахада инапынҵақәа назыгӡо Иури Хагәышь.

"Бадри Ԥлиа хатәгәаԥхарала Цандрыԥшь ақыҭа ахадас дахьыҟаз амацураҟынтәи дцеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Иури Хагәышь Цандрыԥшь ахадара аколлективи уи уаанӡатәи ахадеи русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, анапхгара ҿыц ақәҿиарақәа рзеиӷьеишьеит.

Хагәышь Гагра араион ахада инапынҵақәа рынагӡара далагеит мшаԥы 30 инаркны. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Владимир Џьениа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: