Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы иҟаз ауаҩшьра далахәуп ҳәа агәаанагара ззыҟоу даанкылоуп

Аԥсны атәылауаҩ Беслан Бганба 2019 шықәса абҵара 22 рзы Асҭамур Шамбеи, Алхас Аҩӡбеи, Доминика Ақырҭааԥҳаи рышьра далахәуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Беслан Бганба Аԥсны апрокуратура хада адҵала Аԥсны АШәМ аоперативтә маҵзурақәа дааныркылеит лаҵара 8 рзы Очамчыра араион Арасаӡыхь ақыҭан. Абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа асаит.

Иара данааныркылоз бџьарла аҿагылара ҟаиҵеит, ахәрақәагьы иоуит.

Аԥшаҳәаҿы иҟаз ауаҩшьра далахәызар ҟалоит ҳәа гәҩарас ирымоу иԥшаара рылаҳәоуп

Уажәы Агәыӡера иҟоу Арратә госпиталь дҭоуп.

Беслан Бганба Апрокуратура хада иԥшаара иашьҭан ҩыџьеи ҩыџьа инареиҳани рышьра далахәуп ҳәа агәаанагарала, иара убасгьы закәаншьаҭада абџьар ҵәахны имоуп ҳәа.

Иара абри аус ала Аҟәаәти ақалақьтә ӡбарҭа аӡбамҭа аднакылеит Даҭо Ахалаиеи Демур Ахалаиеи рырбаандаҩразы. Ерик Чкадуа иԥшаара иаҿуп.

Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы 2019 шықәса абҵара 22 асааҭ 14:40 рзы ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа идырым џьоукы ақьафурҭа аҭааҩцәа ириехсит. Иҭахеит ҩыџьа ауааԥсыра. Асҭамыр Шамба иара уаҵәҟьа иԥсҭазаара далҵит, Алхас Аҩӡба - ахәышәтәырҭаҟны даннаргаз. Ақьафурҭа "Сан-Ремо" ахәынаҳаҩ Доминика Ақырҭааԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа хада анеирохирургиа аҟәшаҿы, ԥхынҷкәын 3 рзы лыԥсҭазаара далҵит.

Абри ацәгьоура ашьҭахь Аԥсны ААР аминистр Гарри Аршбеи апрокурор хада Зураб Ачбеи рмаҵурақәа ирымхын.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: