Акциа "Ԥсра зқәым архәҭа – онлаин" алахәхаразы ҩ-миллионк инареиҳаны арзаҳалқәа нашьҭуп

Акциа алахәхаразы арзаҳалқәа рыдыркылоит лаҵара 9 асааҭ 15:00 рҟынӡа, онлаин-мҩасра арбара иалагоит асааҭ ҩба рзы москватәи аамҭала.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Авиртуалтә мҩанысра "Ԥсра зқәым архәҭа - онлаин" аиҿкааҩцәа ражәақәа рыла, ҩ-миллионки шә-нызқьи рзаҳал роухьеит акциа алахәхаразы.

Изҭаху зегьы анкета хадырҭәаауеит абарҭ аресурсқәа рҿы: акциа асаит аҟны, Одноклассники, ВКонтакте, Аҵәахырҭатә банк асаит рҟны.

Онлаин арежим ала: "Ԥсра зқәым архәҭа" Аиааира 75-шықәса ахыҵраан ишеиҿкаахо

"Аинтернет ала акциа амҩаԥысра ауеит ианалага инаркны Урыстәыла Ԥсра зқәым архәҭа асаит, Жәларбжьаратәи Ԥсра зқәым архәҭа асаит, онлаин-кинотеатр "Окко" рҟны. Ара иазыԥхьагәаҭоуп авидео шьҭахьҟа иргьыжьны иуҭаху аветеран архәҭа далахәны ибара", - ҳәа еиҭеиҳәоит Урыстәылазегьтәи ауаажәларратә еиҿкаара "Урыстәыла Ԥсра зқәым архәҭа" ацхантәаҩ Сергеи Макаров.

Лаҵара 9 ашьҭахьгьы онлаин-мҩанысра арбара алшоит.

Лаҵара 9 рзы арбара рхы аладырхәуеит: Море.тв, Ivi.ru, РИА Новости асаит, амаҵзура Sputnik асаит.

Атехникатә еиқәыршәара еиҿнакааит Аҵәахырҭатә банк.

Апроект аиҿкааҩцәа ируаӡәку, Аҵәахырҭатә банк анапхгара ахантәаҩы Станислав Кузнецов иажәақәа рыла, иара есыҽны алахәылацәа ирызҳауеит, мчыбжьык аҩныҵҟала алахәхаразы ҩ-миллионк инарзынаԥшуа арзаҳалкәа аашьҭуп.

ЖәАА "Россия сегодня" амедиафасад аҟны Аиааира апарад днарбоит

Зветеран ипрофиль хазырҭәааз дарбанызаалак аелектронтә ԥошьҭахь изынарышьҭуеит даныддырбо аамҭа азырбо ашәҟәы.

Апроект апартниор Mail.ru Group адыррақәа рыла, активла акциа рхы аладырхәуеит аиҳабацәа реиԥш аҿаргьы: аҭааҩцәа рыхәҭак 21 шықәса иреиҳам роуп.

Апроект аус ауеижьҭеи иаԥҵоуп ацәаҳәа ҷыда (аҭел 8-800-20-1945-0). Онлаин акциа аиҿкааҩцәа роператорцәа 130-ҩык 15 нызқь ҭел рҭак ҟарҵахьеит. Аиҳарак ауаа зызҵаауаз акциа ишалахәхашеи аветеран изы аинформациа шырыԥшаашеи роуп. Аиҿкааҩцәа ирыцхраауеит 3700-ҩык рҟынӡа аволонтиорцәа.

Лаҵара 9 рзы онлаин-мҩанысра арбара азыԥхьагәаҭоуп Урыстәыла амедиаекран дуқәа рҿы, москватәи аметро аекранқәа рҿы, телеканалқәак рҿы. Иара убасгьы амҩанысра абара алшоит асоциалтә ҳақәа ВКонтактеи Одноклассники рҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: