АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Ҭаацәала аԥсшьаразы Аԥсны реиҳа еиӷьу х-хырхарҭак ирыҵанакит асоциалтә ҳақәа рхархәаҩцәа рыбжьара имҩаԥгаз адыррақәа рыла. Аҭҵаарақәа мҩаԥнагон аԥсшьараз анхарҭааҿаҵаратә сервис Tvil.ru.
Изызҵааз рыбжьара актәи аҭыԥ ааннакылеит Ҟрым - 57,89%, аҩбатәи Краснодартәи атәылаҿацә - 23,68%.
Аԥсныҟа аара иазыхиоуп 8,95% атуристцәа.
Зынӡа урыстәылатәи атуристцәа иалыркааит жә-хырхарҭак:
- Ҟрым, 57,89%
- Краснодартәи атәылаҿацә, 23,68%
- Аԥсны, 8,95%
- Кавказтәи Аминералтә ӡқәа, 2,63%
- Баикал, 2,11%
Алтаитәи атәылаҿацә, Башкириа, Калининградтәи аобласт, 1,05%
Уаанӡа Tvil.ru асаит аҿы иарбан Аԥсны еиҳа агәызцара змоу ахырхарҭақәа рҿы аҩбатәи аҭыԥ ннакылоит ҳәа.
Аҳәаанырцәуаа рзы Аԥсны аҳәаа лаҵара 15 рҟынӡа иаркуп акоронавирус апандемиа иахырҟьаны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Гагреи, Аҟәеи, Пицундеи урыстәылауаа рыԥсы ршьар ахьырҭаху аҭыԥқәа ирхыԥхьаӡалоуп
Урыстәылауаа акоронавирус иацәыбналар рҭахуп Ҟрым, ма Аԥсныҟа раарала