Урыстәылеи Аԥсни аиҳабырақәа рхадацәа Аиааира 75-шықәса ахыҵра еидырныҳәалеит

Сынтәа акоронавирус апандемиа иахырҟьаны Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵра амшныҳәа арыцхә инахоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 8 - Sputnik. Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Урыстәыла аиҳабыра рхада Михаил Мишустини Аибашьра ду аҟны Аиааира 75-шықәса ахыҵраз адныҳәаларақәа еимырдеит. Абри атәы аанацҳауеит Аминистрца реилазаара асаит.

Бжьаниеи Путини Аиааира 75-шықәса ахыҵра рыжәларқәеи дара-дареи ирыдибаныҳәалеит

Михаил Мишустин Аԥсны иқәынхо аветеранцәеи атыл аусзуҩцәеи ирзеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, ақәра ду.

Иара агәыӷра ааирԥшит аибашьра аамҭақәа ирыӡрыжәыз аурыси аԥсуеи жәларқәа реиҩызареи риашьареи ԥхьаҟатәи астратегиатә партниорреи аиҩызареи рзы ишьаҭа ӷәӷәаны иҟалап ҳәа.

Александр Анқәаб иакәзаргьы Урыстәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны инхо аибашьра аветеранцәа агәцаракра ахьрырҭо.

"Ҳәарада, аибашьра ахьанҭара аиҳарак аурыс солдаҭ ибӷа иқәлеит. Уи ивагылан 55 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи", - ҳәа аҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Анқәаб инаҵшьны иазгәеиҭеит ажәларқәа рҭоурых аҿы реиҳа ишьаарҵәыраз аибашьра арԥаршеира алмыршара аҵак ду шамоу.

Уаанӡа адныҳәаларақәа еимырдеит Аԥсни Урыстәылеи рхадацәа Владимир Путини Аслан Бжьаниеи.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: