Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иахәлабгаз аԥсуа еибашьцәа рҭоурых иахьагьы ашьақәыргылара иаҿуп. Иҟоуп ибжьаӡны зхабар аилкаара макьаназы иалмыршахазгьы. Ҩыџьа аишьцәа Хагәшьаа, Михаили Баџьеи, рлахьынҵа зеиԥшрахаз атәы ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Саида Жьиԥҳа.
Sputnik

Саида Жьиԥҳа,Sputnik

Калдахәара ақыҭан инхоз Маҭа Дауҭ-иԥа Хагәышьи Катерина Арҭим-иԥҳа Мықәԥҳаи анцәа ишиҳәара аҭаацәара бзиа аԥҵаны ирыман. Дара ирааӡон быжьҩык ахшара, ԥшьҩык аԥацәа Михаили, Баџьеи, Нестори, Симони, хҩык аԥҳацәа Ардучкеи, Шуреи, Раиеи. Убас ари агәараҭаҟны рхәышҭаарамца еиқәылеит 1914 шықәсазы Аԥсныҟа иқәнагалаз ахҵәацәа, милаҭла иаурысқәаз ани аԥеи. Хара имгакәа ахәыҷы диаҭымхоит, дара дрыхшазшәа рнапы икәыршаны дагьырааӡоит уеизгьы ахшара рацәа змаз Маҭеи, Катеринеи.

Европа аҳҭнықалақьқәа рхы иақәиҭызтәуаз: аибашьҩы Николаи Ҭаниа иҭоурых

"Аурыс хәыҷы Григори Брызгунов, иан (лыхьӡ сгәалашәом) адунеи лыԥсахит уамак шылхымҵуаз. Аҷкәын даныиаҭымха, сандуи сабдуи драаӡеит. Иаргьы "сан, саб" ҳәа реиҳәон. Аҭаацәараҿи ауа-аҭынхеи рҿгьы Хагәшьаа дырхылҵызшәа бзиа дырбеит. Иашка ҳәагьы хәҷыхьӡны иарҳәон. Ҳаргьы иҳазҳауа ҳаналага, "ари шәаб иашьа иоуп" ҳәа ҳхы иҭаргалон, еилых ҟамҵакәа", - игәалашәоит Маҭеи Катеринеи рмаҭа Тариел Хагәышь.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа аԥхьаҟа, 1939 шықәсазы аррахь иааԥхьаз Михаил, Украина, Львов ақалақь азааигәара, Бердичевтәи аеродром аҿы арра дахысуан. Аҵыхәтәантәи исалам шәҟәаҿгьы 1941 шықәса алагамҭазы иҳәеит ҭакԥхықәрала иԥсадгьыл аҿаԥхьа иуалԥшьақәа шынаигӡо, иҭаацәа шимырԥхашьо. Уи нахыс, Аџьынџьтәылатә еибашьра алагоит, Михаилгьы иӡбахә наӡаӡа икацәоит. Баџьа иакәзар, 18 шықәса анааихыҵҵәҟьа арра иԥхьоит, деибашьуеит Украинатәи актәи афронт аҿы.

Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

"Михаил 1941 шықәса инаркны исалам шәҟәқәа аара иаҟәыҵит, уи алагьы сандуи сабдуи ирдырит ҽеи дшақәымшәаз. Баџьа, Украинатәи актәи афронт аҿы дшеибашьуаз еилкаахеит. Аха хара имгакәа уигьы ихабар ыӡит. Иашка ҳәа ирааӡоз аурыс ҷкәын иоуп Хагәшьаа ргәараҭаҟынтәи амцашыра иалҵны аҩныҟа ахынҳәра зылшаз", - иажәабжь иациҵоит Тариел.

Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

Абас, Маҭеи Катеринеи рцәеи-ржьи иалҵыз ҩыџьа рԥацәа Аџьынџьтәылатә еиабшьра Дуӡӡа иалаӡит, аха ирааӡаз Иашка ихынҳәра ныҳәак еиԥш ирыдыркылеит.

Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

Михаили Баџьеи рыхабар аилкааразы, раҳәшьцәа ианрызҳа, СССР архивқәа жәпакы рахь ашәҟәқәа ршьҭуа иалагеит. 1980 шықәсазы, аҭаацәараҿы иреиҵбаз Раиа илзааит Баџьа Украина, Днепропетровсктәи аобласт, ақыҭа Мишурин Рог аҟны аиашьаратә ҳаҭгәын аҿы джуп ҳәа адырра.

"Баџьа рыцҳа дахьжыз аҭыԥ анеилкааха, Калдахәара ақыҭсовет аиҳаби, ашкол адиректор, иахьеиԥш дысгәалашәоит, иеиԥш зеиԥшыз оратор дыҟамызт, Анатоли Амԥари, Хагәшьааи, Баџьа ианшьацәа Мықәааи уҳәа рҽааизырган, Гәдоуҭа араиком актәи амаӡаныҟәгаҩыс иҟаз Константин Озган иҿы ицеит, аибашьҩы дахьжу аҭыԥ иаҭаарц шырҭаху иарҳәарц. Иаргьы ари ахҭыс гәахәарыла идикылан, 30-ҩык рыла ишьақәгылаз аделегациа Днепропетровскҟа идәықәиҵеит. Иахьцоз, Баџьа иаб игәараҭаҟнытә игәы иқәырԥсаша анышә ргеит, убас аԥсаҭатә", - еиҭеиҳәоит Тариел Хагәышь.

Аԥснытәи аделегациа, аибашьҩы Баџьа Хагәышь анышә дахьамадаз Днепропетровсктәи аобласт, ақыҭа Мишурин Рог ианнеи, асасцәа аҭаацәарақәа рахь еихыршеит. Аҭыԥантәи анхаҩы, фырхаҵарала анемец фашист иҿагылаз Иван Иван-иԥа Иванов ҳәа иҟаз аветеран иҩнаҭаҟны Баџьа иԥсхәы руит, ҳҵасқәа ишрышьашәалоз еиԥш деинырхит. Тариел Хагәышь ишиҳәо ала, Баџьа заагьы иӡбахә рдырар ҟаларын, аха архивтә қьаад аҿы "Хагуш" аҭыԥан, "Хачуш" ҳәа ианын, анаҩс афактқәа рыла иара шиакәыз шьақәыргыланы, ажәлагьы дырҽеит.

Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

 

Рыцҳарас иҟалаз, Баџьа ифырхаҵаратә мҩа атәы еиҭазҳәаша аӡәгьы дҟамлеит. Еилкаахаз, Днепр аӡиас иҩызцәеи иареи аныр, аӷа ихымца рыԥсҭазаара шҿахнаҵәаз заҵәык ауп.

1980 шықәса инаркны, есышықәса Хагәшьаа Аиааира амш аҽны Баџьа дахьжу аешьаратә ԥсыжырҭа иаҭаауан. Аҵыхәтәаны, аҭаацәараҿы иреиҵбыз аиаҳәшьа Раиа, Пицунда илымаз ауаҭах ҭины, лыԥшәма длыманы лашьа дахьжыз Днепропетровск азааигәара нахара дцеит. Лара лхатә хшара длымамызт аҟнытә, лыгәҭахәыцрақәа зегьы аибашьараҿы иҭахаз лашьцәа ирызкын.

Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

 

"Саб иаҳәшьа Раиа ауасиаҭ нлыжьит, адунеи анылԥсахуа, лыԥсыбаҩ Аԥсныҟа иаамгакәа, лашьа Баџьа дахьжу аҭыԥ иацәыхарамкәа илызқәаҭыԥхарц. Лара уи азы акәын уахь нхара дызцаз аҟынтә, саргьы дрыцҳасшьан ус иагьыҟасҵеит", - иҳәоит Раиа лашьа иԥа Тариел.

Аибашьра иалаӡыз: аишьцәа Михаили Баџьеи Хагәшьаа рҭоурых

 

Украина имҩаԥысуа аҵыхәтәантәи аполитикатә еиҿыхарақәа ирхырҟьаны, Хагәшьаа рҭаацәара Баџьа дахьжу аиашьаратә ҳаҭгәын ахь имцеижьҭеи шықәсқәак ҵуеит. Аха алшара шаароулак, Аибашьра Дуӡӡа аветеран ҩаԥхьа изқәаҭыԥ рнапы ықәыршьуеит.

Хагәшьаа ирааӡаз Иашка иӡбахә шәазҵаауазар, уи аҭаацәара даналала, Урыстәылаҟа нхара дцеит. Иахьа уажәраанӡа иара ихылҵызи Хагәшьааи аимадара рыбжьоуп.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз Аиааира 75 шықәса ахыҵра иазку анҵамҭақәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>