Ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа иԥшәма Валентина Гәлиа лыԥсҭазаара далҵит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидышшылеит еицырдыруа ажурналист, аинформациатә агентра "Интерфакс" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Гәлиа иан лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 10 - Sputnik. Лыԥсҭазаара далҵит ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа иԥшәмаԥҳәыс Валентина Гәлиа, абри атәы Facebook адаҟьаҿы ианылҵеит лыԥҳа Татиана Гәлиаԥҳа.

"Иахьа, лаҵара 10 рзы лыԥсҭазаара далҵит сан, Гәлиа Валентина Григори-иԥҳа, ашәҟәыҩҩы Гьаргь Гәлиа иԥшәмаԥҳәыс", - аҳәоит адырраҭара.

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидышшылеит еицырдыруа ажурналист, аинформациатә агентра "Интерфакс" адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Гьаргь Гәлиа иан лыԥсҭазаара дахьалҵыз инамаданы.

"Шәара шәҭаацәа Аԥсны пату ду рықәуп. Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа ихәыҷқәеи имаҭацәеи ҳтәыла ахьӡ ҭыргоит. Валентина Григори-иԥҳа лыԥшәма еицырдыруа асовет шәҟәыҩҩы Гьаргь Дырмит-иԥа Гәлиа еснагь арӷьажәҩаны дивагылан. Ҳгәы иалсит ишәзааигәоу ауаҩы - шәан дахьшәыԥхаз. Гәалсра дула ҳрыдышшылоит шәҭаацәа зегьы", - ҳәа азгәаҭоуп адышшыларатә шәҟәаҿы.

Гьаргь Гәлиа - аԥсуа, аурыс шәҟәыҩҩы, Аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иасыф-иԥа Гәлиа иԥа иоуп. Авторс дрымоуп атрилогиа  "Сакентәи аиҩызцәа", иара убас ароманқәа "Ахьатә ҩны", "Асас еиқәаҵәақәа", "Аӡыблара", "Афараон Ехнатон", уҳәа убас имаҷымкәа.