Амедицинатә еидара зқәыз афонд "Анапы ҳалал" амашьына рӷьычит Аҟәа

Агәыҳалалратә фонд "Анапы ҳалал" ацхыраара рынаҭоит зус ӡбоуи, урҭ рҭаацәарақәеи, заагарҭа маҷу аҭаацәарақәеи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Агәыҳалалратә фонд "Анапы ҳалал" рмашьына рӷьычит лаҵара 9 рзы, ашьыжь. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит афонд аԥҵаҩы Агнешка Филиппова.

Ирӷьычыз амашьына иҭан афонд адиректор ихатә документқәа, иара убас Аҟәеи, Гагреи, Драндеи иҟоу абахҭақәа русзуҩцәеи иҭакуи рзы агуманитартә медицинатә цхыраара – анапҭарԥақәа, хә-литрак арзҩыдатәга, аинсулинтә гәырқәа 500.

"Ҳусура аанкылахеит уҳәа ауеит. Амедицинатә маҭәашьарқәа иахьазку ргаразы атакси ҳаԥхьароуп", – лҳәеит лара.

Филиппова лажәақәа рыла, аӷьычра аныҟала амш азы амашьына зтәу Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы инеины арзаҳал рҩит.

"Азинхьчаҩцәа акамерақәа ирыхәаԥшын адырра ҟарҵеит, ҵхагәаны, асааҭ 2:30 рзы амашьына агәара иҭыҵит ҳәа. Уи ашьҭахь ҳдырцәа шьоук ҳзасны иҳарҳәеит ари амчыбжь азы ҳраион аҟны даҽа ҩ-машьынак шырӷьычыз", – лҳәеит лара.

Агәыҳалалратә фонд "Анапы ҳалал" Аԥсны аус ауеит 2017 шықәса раахыс. Афонд аусура ахырхарҭа хадақәа ируакуп – адоуҳатә еиҭашьақәыргылара, агуманитартә цхыраара аҟаҵара, зус ӡбоу рзы азиндырратә консультациақәа рымҩаԥгара. Афонд ацхыраара рнаҭоит иара убас иҭаку рҭаацәарақәеи, зматериалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәеи.