Урыстәыла уахыки-ҽнаки рыла жәеиза нызқьи бжаки коронавирустә хҭыс аарԥшуп

Иазгәаҭоуп, ичмазаҩхаз апациентцәа рыбжаҩык акоронавирустә ҿкы иацааиуа аклиникатә ҟазшьақәа рыдубало иҟамызт ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 11 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Урыстәыла иаарԥшуп 11 656 коронавирустә хҭыс ҿыц арегионқәа 84 рҟны ҳәа адырра ҟанаҵоит Апандемиа аҿагыларазы Москватәи аоперативтә штаб.

"Аурысқәа рхеилак" аԥара еидкыланы Агәабзиарахьчара аминистрра ианаҭеит

Абри аамҭа иалагӡаны рыԥсҭазаара иалҵит 94-ҩык, инагӡаны ргәабзиара шьақәгылеит 5495-ҩык.

Иааидкыланы иахьазы Урыстәыла иаарԥшуп 221 344-ҩык акоронавирустә чымазара ҿкы зыхьыз ауааԥсыра. Ачымазара гәарлеижьҭеи 2009-ҩык рыԥсҭазаара иалҵит, ргәы бзиахеит 39 801-ҩык.

Краснодартәи атәылаҿацә аҟны, лаҵара 10 рзтәи адыррақәа рыла, 1929-ҩык ачымазара рцәа иалоуп, урҭ рахьтә 106-ҩык хәыҷқәоуп.

Аԥсны иахьазы фҩык акоронавирус рыдбалоуп. Афҩыкгьы Москвантә иааз аԥсуа курсантцәа роуп.

Мшаԥымзазы акоронавирус рыхьит хҩык ауааԥсыра, ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа хадаҿы рыхәышәтәра ашьҭахь ргәы бзаханы рыҩныҟа илрыҩааит, аӡәы – 1925 шықәсазы ииз апациент – лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>