Арадио

Смыр ауҭраҭых азы: аԥсшьаҩцәа ҟалар, ҳҽаҩра зегьы ргоит

Гәдоуҭа араион Хыԥсҭа ақыҭан иҟоу ауҭраҭыхааӡарҭа аиҳабы Константин Смыр арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит русура шеиҿкаау атәы.
Sputnik
Смыр ауҭраҭых азы: аԥсшьаҩцәа ҟалар, ҳҽаҩра зегьы ргоит

"Шьҭа ԥшьышықәса ирҭоуп ауҭраҭыхааӡарҭа сымоуеижьҭеи, аџьабаа рацәа ацуп, аха егьа ус акәзаргьы 40-ҩык рҟынӡа аусуцәа ыҟоуп, 12 гектар рҟынӡа ихҩаны иҳамоуп адгьыл. Хәыҷык ахьҭақәа ҳԥырхагахеит, аха ҳрыцәцеит, 500-600 тонна рҟынӡа аҽаҩра ҳазыԥшуп. Ахьшәашәарақәа аныҟоу аҽаҩра чмазаҩхоит, инацҵаны ахәшәтәра аҭахуп. Аԥсшьаҩцәа ҟалар, ҳҽаҩра зегьы ргоит, аха урҭ ҳмоур, аҳәаа ахыгара уадаҩуп, рлеишәақәа цәгьоуп уахь. Насгьы ауҭраҭых ҽнак-ҩымш аҳәааҟны иргыланы уиаҟара ачҳара амаӡам. Иааҳрыхуа Аҟәа, Гәдоуҭа, Гагра ираҳҭоит. Иахьазы анаша раҳҭоит, апатырџьан мызкы ашьҭахь идәықәлоит. Уаанӡа аҳәаа аадыртып ҳәа агәыӷра ҳамоуп", - иҳәеит Смыр.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: