Агәабзиарахьчара аминистрра: ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра иахьаҵанакуа лаҵара 12 рызтәи аҭагылазаашьала акоронавирустә инфекциа змоу жәаҩык ыҟоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. Ареспубликаҿы аепидемиологиатә ҭагылазаашьа еицәахеит иҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы Акоординациатә штаб аилатәараҿы лаҵара 13 рзы.

Аминистр иазгәеиҭеит уи зыдҳәалоу аҵыхәтәантәи амшқәа рзы акоронавирус зыдбалоу рхыԥхьаӡара ахьеиҳахаз ауп ҳәа.

Аԥсны лаҵара 12 рзы аинфекциа змоу жәаҩык ыҟоуп. Дара зегьы Урыстәылантәи ихынҳәыз аԥснытәи астудентцәа роуп. Астудентцәа асасааирҭа "Аиҭар" аҿы акарантин иахысуеит. Дара уажәы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ишьҭоуп.

Мшаԥымзазы акоронавирус рыхьхьан хҩык Аԥсны атәылауаа. Урҭ рахьтә ҩыџьа Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа иҭан, ргәабзиара шьақәгыланы рыҩныҟа иоушьҭын. 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәырԥхьар ҟалоит абра>>