Аҳҭнықалақь араионқәак уаҵәы ӡыда иаанхоит

Аҟәа аамҭала аӡаанкылара аӡымҩангагақәа рремонтҟаҵара иахҟьоит. Лаҵара 15 асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа аӡы аанкылахоит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Лаҵара 15 рзы Аҟәа араионқәак ӡыда иаанхоит ҳәа аанацҳауеит АУН "Аӡыканал".

Аҟәа аамҭала аӡаанкылара аӡымҩангагақәа рремонтҟаҵара инадҳәаланы "Колос", авокзал, Лечкоп, ВИЕМ, аџьармыкьа, ақалақь агәы иахьрыҵаркуа аӡы ҟалаӡом ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Лаҵара 15 асааҭ 00:00 инаркны асааҭ 18:00 рҟынӡа аӡы аанкылахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: