Аԥсны даҽа ҩыџьа акоронавирус рыдбалоуп

Акоронавирустә инфекциа рыдбалоуп Урыстәылантәи ихынҳәыз астуденти Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә база амаҵурауаҩи.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. COVID-19 ҩыџьа ирыдырбалеит. Иахьазы 14-ҩык авирус рымоуп ҳәа аанацҳауеит авирус аҟынтәи ауааԥсыра рыхьчаразы аоперативтә штаб.

"Ииасыз уахыки-ҽнаки рыла атестқәа ҟарҵеит 27-ҩык ауааԥсыра. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа акоронавирус шрымоу шьақәырӷәӷәоуп – Урыстәылантәи ихынҳәыз астуденти Даӷьысҭанынтәи Гәдоуҭатәи абыжьбатәи арратә базахь иааз урыстәылатәи аррамаҵурауаҩи", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Актәи апациент Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь днагоуп. Аҩбатәи – Абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база алазарет аҿы ахәышәтәра дахыслоит.

Ааҩык ауаа амш иалагӡаны асасааирҭа "Аиҭар" аҟны акарантин иахьахысуазынтә иоушьҭуп. Урҭ рахьтә аӡәгьы акоронавирус имам рҳәеит аштаб аҿы.

Апандемиа иаалагазар Аԥсны иахьаҵанакуа 17-ҩык авирус рыхьхьеит. Ҩыџьа ргәабзиара шьақәгылеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>