Арадио

Какоба: атрадициатә ҵара адистанциатә иаԥсахуеит ҳәа зыԥхьаӡо среиуам

Ашколқәа роушьҭымҭацәа рзы аԥышәарақәа шеиҿкаахо, зҵара хзыркәшаз рыхәшьарақәа шалкаахо, аусура ахәыҷбаҳчақәа аусура ианалаго, иара убас иалахьынҵозеи адистанциатә ҵара - абри атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҿы аҵара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Адгәыр Какоба.
Sputnik

"Дистанциала аҵаразы апрограмма аус адызуло ражәақәа рыла, иара ирлас имазеихоит, аха ҳара иҳадаҳкылеит ақәҵара аҵарашықәс хыркәшахааит ҳәа. Убри аҟнытә ари аҵарашықәс азы уи ахархәара аиуӡом. Аринахыс ачымазара ҟамлар, зынӡагьы ахархәара аиурым ҳәа сгәыӷуеит. Сара схаҭа дистанциала аҵара иаҿагыло сырхыԥхьаӡалоуп. Атрадициатә ҵара аԥсахуеит ҳәа зыԥхьаӡо среиуам. Аха иахьатәи аҩыза аҭагылазаашьақәа аныҟалалак, уаҳа даҽа формак ыҟаӡам. Аҵаҩы аҩны дтәаны аинформациа имоуа, арҵаҩи иареи аус еицырымуа иҟалар, акырӡа дагхоит, акырӡа ихьысҳахоит идыррақәа. Уи инымԥшыр ҟалаӡом, иԥсҭазараагьы ус, убри аҟнытә аамҭалатәи цхыраагӡак аҳасабала сахәаԥшуеит, мамзар ари аҵаратә форма наӡак аҳасабала исыԥхьаӡом", - ҳәа азгәеиҭеит Какоба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: