Аслан Бараҭелиа Гәылрыԥшь араион ахадас даанхеит

Гәылрыԥшь араион ахадара аколлективи Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реиԥылара лаҵара 15 рзы мҩаԥысит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион ахадас ҩаԥхьа Аслан Бараҭелиа даиҭеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит ахада ипресс-маҵзураҿы.

Аслан Бараҭелиа Гәылрыԥшь араион ахадас дҟаҵан 2014 шықәса рзы. Абри аҭыԥ аҿы иара диԥсахит Ҭемыр Ешба.

Аслан Бараҭелиа диит 1961 шықәса рзы Очамчыра араион, Тамшь ақыҭан.

Тамшьтәи абжьаратә школ даналга ашьҭахь, 1977 - 1979 шш. рзы аус иуан Гагратәи аргыларатә усбарҭаҿы.

1979-1983шш. – Аокеан ҭынч афлот аҿы аррамаҵзура дахысуан.

1983 шықәса рзы Харковтәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет дҭалоит, 1989 шықәса рзы далгоит.

1989 – 1992 шш. – Харков акооператив ахантәаҩы.

1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын.

1993 ш. – Гәылрыԥшь араион Владимировка ақыҭа ахада.

1995 ш. – Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ.

2004 - 2005 шш. - Гәылрыԥшь араион ахада.

2007 ш. – Гәылрыԥшь араионтә еизара ахантәаҩы.

2014 ш. - Гәылрыԥшь араион ахада.

Дҭаацәароуп, ҩыџьа ахшара драбуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: