Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр акурсантцәа рҭаацәа дырԥылеит

Аҟәатәи "Аиҭар" аҿы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟынтәи 211-ҩык акурсантцәа акарантин иахысуеит. Лаҵарамза 14 аҽны аҩныҟа иоушьҭын раԥхьаӡа иааз ааҩык акурсантцәа, дара ркарантин хыркәшахеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистр Лев Кәыҵниа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа ирҭоу аԥснытәи астудентцәа рҭаацәа дрыҿцәажәеит.

Аҽыԥхьакраҿы иҟоу акурсантцәа алеишәа аилагаразы рҵараиурҭақәа ирҭырцар алшоит

Иалацәажәан астудентцәа рыԥсадгьыл ахь рыхынҳәреи акарантин аилагаразы лахьыҟаҵареи рызҵаарақәа ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Иазгәаҭан астудентцәа рыхынҳәра иахьынӡалшо еиҿкаатәуп ҳәа. Аҳәаа иахысуа зегьы ишиашоу ҩымчыбжьатәи акарантин ахь инашьҭлатәуп. Авирус рымоуп ҳәа ишьақәыргылоу гәдоуҭатәи ахәышәәтырҭахь инагатәуп. Аминистр ҷыдала дазааҭгылеит акурсантцәа алеишәа рацныҟәара азҵаара. Аԥҟаррақәа еилазгаз акурсантцәа лахь рыҭахоит изҭо аҵараиурҭа рыҭцараҟынӡа", - аҳәоит апресс-маҵзура.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, акоронавирус аҟынтәи ауааԥсыра рыхьчаразы аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла ареспубликаҿы COVID-19 14-ҩык ирымоуп: 13-ҩык астудентцәеи Даӷьсҭанынтәи иааз Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаҩи.

Аҟәатәи "Аиҭар"аҿы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҟынтәи 211-ҩык акурсантцәа акарантин иахысуеит. Урҭ рҟынтәи ааҩык раамҭа рхыганы рыҩныҟақәа ицеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: