Аҵыхәтәантәи уахыки-ҽнаки рыла Ҟәбан згәы бзиахаз еиҳауп ичмазаҩхаз раасҭа

Лаҵара 15 рзы COVID-19 амазааразы амедицинатә усҳәарҭақәа ирыдҵаалеит 6121-ҩык. Урҭ рҟынтәи 684-ҩык хәыҷқәоуп.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Аҵыхәтәантәи уахи-ҽни рыла Краснодартәи атәылаҿацә ахәышәтәырҭақәа ирылҩаауп 121-ҩык, иҿыцны ачымазара роуит – 99-ҩык ҳәа аанацҳауеит атәылаҿацә ахадара асаит.

Ҩымшуп иҵоуроу адинамика ааԥшуеижьҭеи ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.

Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟала Ҟәбан 99-ҩык авирус шьҭыркааит

"Краснодар ашәҟәы иҭагалоуп 37 коронавирус хҭыс ҿыц, урҭ рҟынтәи ԥшьҩык хәыҷқәоуп. Белореченск – 8, 7 – Новороссиск, 7 –Армавир, 6 – Апшеронск, 6 – Отрадненск, 5 – Ҟрымск, Шәача – 4, Славианск–4, 3 –Кавказсктәи араион, 2 –Гулькевичск, 2 – Тихорецк араионқәа", - ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура.

Аӡәаӡәа чмазцәахеит: Тбилиссктәи, Шьчербиновсктәи, Северсктәи, Бриуховецктәи, Успенсктәи, Староминсктәи араионқәеи Гориачи Клиучи рҿы.

Атәылаҿацә аҿы зынӡа 2418-ҩык коронавирустә инфекциа рымоуп. Ргәы бзиахеит 979 пациент. Рҽырхәышәтәуеит– 1374-ҩык. 32-ҩык ИВЛ иаҵаиоуп, 24-ҩык рыԥсҭазаара иалҵхьеит.

Лаҵара 15 рзы COVID-19 амазааразы амедицинатә усҳәарҭақәа рахь идҵаалеит 6121-ҩык. Урҭ рҟынтәи 684-ҩык хәыҷқәоуп.

Акоронавирус аҟынтәи ауааԥсыра рыхьчаразы аоперативтә штаб аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла ареспубликаҿы COVID-19 14-ҩык ирымоуп: 13 студенти Даӷьсҭанынтәи иааз Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаҩи.

Мшаԥымзазы акоронавирус аарԥшын Гагра иқәынхо хҩык атәылауаа рҟны, урҭ рахьтә ҩыџьа ргәы бзиаханы ахәышәтәырҭа иҭҩаан, ахԥатәи ачымазаҩ - 1925 шықәсазы ииз аԥҳәыс бырг лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>