Тҟәарчал араион ахада аколлектив дыддырдырит

Исидор Дочиа Тҟәарчал араион ахада инапынҵақәа назыгӡо ҳәа ихьӡ ҳәан лаҵара 12 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 15 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тҟәарчал араион ахадара аколлектив дыдирдырит ахада ҿыц – Исидор Дочиа. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.

"Исидор Шалодиа-иԥа ибзианы дыжәдыруеит, агәара згоит ҳәоуеиқәшәала аус шеицыжәуа", - иҳәеит ахада.

Дочиа Тҟәарчал араион азы: ауаа аднаԥхьалартә еиԥш аҟаҵара ҳагәҭакуп

Аслан Бжьаниа уаанӡатәи араион ахадацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит араион аҿиараҿы рлагаламҭақәа рзы.

"Зегьы ибзианы ижәдыруеит Аԥсны аҭоурых аҿы Тҟәарчал иааннакыло аҭыԥ. Аҳәынҭқарра макьана иалымшацт араион апроблемақәа ишахәҭоу рыӡбара. Иҳалшо зегь ҟаҳҵалоит аҭагылазаашьа аиӷьтәразы", - ҳәа иҳәоит Аслан Бжьаниа.

Араион ахадара ҿыц раԥхьа иргыланы агәреибагаратә ҭагылазаашьа аԥнаҵароуп иҳәеит ахада.

"Ииашамыз ҳҭагылазаашьақәа ҳрыцәхьаҵроуп. Ҳара жәларык ҳауп, ҳҳәынҭқарра еицҳаргылар ауп. Акадрқәа рызҵаараҿгьы абри ҳақәныҟәалароуп", - иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Исидор Дочиа Аԥсны ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит изыҟаҵоу агәрагаразы.

"Атәыла ахада, сколлегацәа шәсырԥхашьарым ҳәа сыҟоуп. Ламысцқьала аус зулоит", - ҳәа иҳәеит иара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: