Арадио

Барганџьиа: аарҩараан Ԥақәашь ҳҵеиџьқәа ҭабоит, азеиԥш ӡымҩангага ҳамам

Ԥақәашь ақыҭан инхо Даур Барганџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит уажәааны ақыҭаҿы дызҿу аусқәа ртәы.
Sputnik
Барганџьиа: аарҩараан Ԥақәашь ҳҵеиџьқәа ҭабоит, азеиԥш ӡымҩангага ҳамам

"Акарпыжәи ашьынкеи рылаҵара ҳаҿуп ҳгәы камыжькәа, есышықәса еиԥш сынтәагьы. Абылтәы азы хәыҷык ауадаҩрақәа ҳамоуп, аха уигьы иаҳаулак иааго ҳаҿуп аусура. Атехниказы аӡәы ҳиҳәо ҳаҟам, ҳаиқәшәоуп. Апты акәзар, акырӡа иаҳа имаҷхеит, ахәшә ақәҭара ҳаҿуп арасагьы ачымазара иацәаҳахьчартә еиԥш. Амхқәа рылаҵара макьана нап аҳмыркырц, мчыбжьык иалагӡаны уигьы хацҳаркып ҳәа ҳгәы иҭоуп. Зегьы хәыҷы-хәыҷла ҳаҿуп, иалҵуа нас иаабап. Ақыҭаҿы анкьа аӡы шҳамаз еиԥш иҳамам, нанҳәамзазы зынӡа имаҷхоит. Аалӡга иҭганы иааганы ауп ауҭра аӡы шақәаҳҭәо. Атракторла ҳцоит абакқәа ақәыргыланы, нас ҳааны ауҭра иақәаҳҭәоит, ҳаргәаҟуеит хәыҷык аарҩара аамҭазы. Аӡымҩангага ҳәа ҳамам, доусы аҵеиџьқәа ҳазгылоуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Барганџьиа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: