"Аԥсныҟа еиҭа иаараны иҟоуп 23-ҩык Урыстәыла аҵара зҵо астудентцәа. Урҭ ҩ-гәыԥкны еихшоуп, абжаҩык аауеит амза 20 рзы, егьырҭ 23 рзы. Аҳәаа аҟнытә даара аагахоит хаз игоу атранспорт ала акарантин аамҭа ахьырхырго аҭыԥ ахь. Уа зегьы еиқәшәоуп, ирзыԥшуп. Урҭ рыбжьара ачымазара зыдбалоу ҳәа макьана аӡәгьы даарԥшым. Аҭаацәеи ҳареи имҩаԥаагахьеит аизара, ҳара ирзеиҭаҳҳәеит ҩымчыбжь акарантин иахысыр шакәу. Даргьы еилыркааит рбара макьана азин шрымам. Ираҳҳәеит рхәыҷқәа ишрабжьаша, аԥҟара ишықәныҟәатәу, рлеишәа дырцәгьар шыҟамло, уи азы рҵара иҭырцарц шалшо атәы. Ахәыҷқәа ирҭаххо азы ҳусзуҩцәа уа иҟазаауеит, рыфатә анагароума, мамзаргьы даҽа цхыраарак аҭаххозаргьы аминистрра аусзуҩцәа инарыгӡалоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр акурсантцәа рҭаацәа дырԥылеит
Аҽыԥхьакраҿы иҟоу акурсантцәа алеишәа аилагаразы рҵараиурҭақәа ирҭырцар алшоит