Арадио

Арџьениаԥҳа: ҳаалыҵ ахә маҷк иагҳархар ҳҭахын, аха ацҵара ҳақәшәоит

Ашәыреиларшқәеи аӡыхаақәеи Лыхны зыҩны иҭзыжьуа анаплак маҷ "Ахҿарах" аԥшәма Татиана Арџьениаԥҳа еиҭалҳәеит ачымазара ҿкы иахҟьаны иалагалоу аԥкрақәа русура ишаныԥшыз атәы.
Sputnik

 

Арџьениаԥҳа: ҳаалыҵ ахә маҷк иагҳархар ҳҭахын, аха ацҵара ҳақәшәоит

"Ҳҭаацәараҟны ҳаицхырааны иҭҳажьуеит ашәырқалмышьқәеи аӡыхаақәеи, ашәырқәа иршьышьны иҳарҩоит. Асоциалтә ҳақәа ҳхы иархәаны иҭҳажьуа ҳаалыҵ ҳҭиуеит. Иахьатәи аҭагылазаашьа ачымазара ҿкы иахҟьаны ҳусура хәыҷык ианыԥшит, ҳаахәаҩцәа рҟынӡа иҳазнамго иҟалеит… Ҳаалыҵ азҿлымҳара амоуп, еиҳарак ачарақәа, егьырҭ аусмҩаԥгатәқәа раан иҳадҵаалоит. Аԥхын акәзар, ҳаалыҵ изҭаху рҟынӡа анагаразы иҳацхраауа 1000 мааҭ рҟынӡа рзаҳшәоит ааигәа-сигәа инхо. Ҳаалыҵ злаҳхуа ашәыр ахаҭабзиара ҳацклаԥшуеит", - лҳәеит Арџьениаԥҳа.

 

Лара убасгьы еиҭалҳәеит раалыҵ ахәқәа иахьатәи аамҭазы маҷк ишьҭырымхыр ада ԥсыхәа рымам ҳәа зылԥхьаӡо атәы. Шәазыӡырҩы аудио.

Инеиҵыху анҵамҭа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: