Аԥсны АҶА аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" арзҩыдара мҩаԥнагеит

Адунеи аҿы акоронавирустә пандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 20-ҩык ари ачымазара ҿкы рыхьхьеит.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 17 - Sputnik. Иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы Аԥсны АҶА 800 метр ԥшьыркца иахьаҵанакуа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" арзҩыдара мҩаԥнагеит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Ауснагӡатәқәа мҩаԥгоуп авирус аламырҵәаразы Гагра араион амцарцәара-еиқәырхаратә еилазаара рыла.

Аԥсны апандемиа ҟалазар 20-ҩык COVID-19 роухьеит. Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб адыррақәа рыла, иахьазы ичмазцәоуп: Урыстәылантәи ихынҳәыз астудентцәа, Даӷьысҭантәи ихынҳәыз урыстәылатәи аррамаҵзурауаҩ, Москвантәи иааз хҩык Бамбора ауааԥсыра, Шәачантәи иааз хҩык Аҟәа ауааԥсыра.

Мшаԥымзазы ачымазара рыдбалан Гагра ауааԥсыра хҩык. Урҭ рҟынтәи ҩыџьа ргәабзиара шьақәгыланы ахәышәтәырҭа иҭыҵит, 1925 шықәса рзы ииз аԥҳәыс лыԥсҭазаара далҵит.

Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб аепидемиологиатә ҭагылазаашьа аицәахара инадҳәаланы ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵоит акарантини аҽыԥхьакреи ррежим иқәныҟәаларц.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>