Арадио

Џьопуа: амузеи аҩнуҵҟатәи аусура усҟак аџьабаа ацуп ҳәа схахьы исзаагомызт уа снеиаанӡа

Лаҵара 18 Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш ауп. Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит акультуратә хәышҭаара аусураҟны ихадаратәны ииԥхьаӡо, уи ҭыԥс иааннакыло аҳәынҭқарраҟны.
Sputnik

Амузеиқәа рҟны иҟоу атәыла аҭоурых иаҿахәҳәагоу аҭаҵәахқәа реиԥш акырӡа ихадоуп урҭ рҟны аус зуа аҟазацәа ҳәа иԥхьаӡоит Аркади Џьопуа.
Уаҟа иҭаҵәаху аекспонатқәа рҟынтә иаҳа еиӷьу, еицәоу ҳәа ахәшьара рыҭара уамак дазыразым иара.

Џьопуа: амузеи аҩнуҵҟатәи аусура усҟак аџьабаа ацуп ҳәа схахьы исзаагомызт уа снеиаанӡа

"Ан ахәыҷы рацәа змоу иреиӷьу ҳәа шәлазҵаар, дхәыцыр ҟалап, аха лара еилылхӡом, зегьы еиԥшны илбоит… Ҳҭоурых зҳәо, ҳхаҿсахьа аазырԥшуа, хымԥада, еилухуа ҳәа ак ыҟам, акы-ҩба ус убла ианаахгыло ҟалалоит акәымзар. Амузеи ахаҭа абри гәык иаҩызоуп, ҭаацәак еиԥш иҟоуп. Аус ахьцацәҟьо амузеи аҩнуҵҟоуп, аԥшаахқәа рцәыргақәҵеи аекскурсиақәа рымҩаԥгареи уи хәҭаак ауп. Анаԥшҩы иибо амузеи аҟны ҩба-хԥа процент роуп, егьи зегьы ихәыҵаҵәахны, быжь цыԥхак рыла иарку ауп. Аҭаҵәахқәагьы ашәындыҟәараҿы иаанхар акгьы рҳәаӡом, урҭ досу ишахәҭоу еиԥш аус рыдулатәуп, анаука аганахьала иҭҵаатәуп, рҿахәы ҳәатәуп, ишьақәыргылатәуп. Ауаҩы ибарҭам амузеи аҩнуҵҟатәи аусура аџьабаа ду зцу ауп, шаҟа ҟауҵалакгьы", - иҳәеит Џьопуа.

Иаҳа инарҭабааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит аудиофаил аҟны. Шәазҿлымҳаз арадио Sputnik Аԥсны аефир.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: