Арадио

Ҵәыџьба Гал апты анырҵәаразы: ԥыҭк напыла еизганы, нас ахәшә ақәаҳҭәар, аҵыхәа ԥҵәахоит

Гал араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит анхацәа ахәаҷа-маҷа анырҵәаразы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
Sputnik

Гал араион - аграртә раионуп, иахьа иааҳрыхуа зегьы аџьармыкьахь инеиуеит, иҳаҩсыз ашықәсқәа раан уажәааны аус здаҳулоз зегьы иахьагьы ҳаҿуп ҳәа азгәеиҭеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы.

Ҵәыџьба Гал апты анырҵәаразы: ԥыҭк напыла еизганы, нас ахәшә ақәаҳҭәар, аҵыхәа ԥҵәахоит

"500 литра инареиҳаны ақытанхамҩа аминистрра иҳарҭеит ахәшәқәа, урт зегьы иахьынӡазхоз ишаны анхацәа ираҳҭахьеит. Ауаа аусура иаҿуп. Амза нҵәаанӡа апты еизгатәны иаҭахуп ҳәа сгәы иаанагоит. Уи иаҳа алҵшәа бзианы иаанашьҭуеит. Ԥыҭк напыла еизганы, нас еиҭа ахәшәқәа рықәҭәаны иаҳзыҟаҵар, сынтәа апты аҵыхәа ԥҵәахоит. Иаҳзынхаз маҷкоуп. Аминистрра иҳарҭоит ахәшәқәа, анаҩс ахәшәтәра анхацәа рхала иҟарҵоит. Иахьа қыҭацыԥхьаӡа еиҿкааны иҳамоуп абригадақәа, урҭ еиқәыршәоуп ахәшә злақәырҭәо амаругақәа рыла, дара хәҩык ыҟоуп. Қыҭацыԥхьаӡа ԥшьба-хәба бригада аус руеит. Урҭ анхаҩы иҿы инеины ирхәышәтәуеит. Зықь метрак арасаҭра ахәшәтәразы 300-300 мааҭ рырҭоит. Уи еиҳангьы иаԥсоуп, аха ақыҭаҿы дара-дара зегьы еибадыруеит, пату еиқәырҵоит аҟынтә еицхырааны, еидгыланы аус руеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҵәыџьба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: