00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
08:30
31 мин
13:00
31 мин
13:30
31 мин
Исторический ликбез
14:04
22 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
On air
08:00
31 мин
On air
08:30
31 мин
On air
13:00
31 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсны амармалташь пты аҟәшәара иахьӡом акарантин иахырҟьаны

Анапаҵаҩра
Ақыҭанхамҩазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь далацәажәеит атәыла аҩнуҵҟа амармалташь пты аҟәшәара амҩаԥысра.

АҞӘА, мшаԥы 17– Sputnik. Акоронавирус инадҳәалан ирылаҳәаз акарантин иахырҟьаны амармалташь пты аҟәшәара аанкылоуп ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Ақыҭанхамҩазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь.

Эдуард Барганджия - Sputnik Аҧсны
Арадио
Барганџьиа араионқәа рҿы апты аизгаразы: ахә шыҟац еиԥш иаанхоит

"Амаҵа макьаназ аҽцәырнамгац. Аилак иҟоу ахәшә аихшара мҩаԥнагоит. Араионқәа азыҳәа ҳзаарышьҭуеит", - иҳәоит иара.

Хагәышь иажәақәа рыла, уаанӡеиԥш апты аҟәшәара зымҩаԥгахом, избанзар уи аамҭа цоит.

"Иаҳцәыԥхаррахеит. Аптыҟәшәара еиҳарак хәажәкыра, мшаԥы амзақәа рзоуп ианымҩаԥаагоз", - азгәеиҭеит Ақыҭанхамҩазы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь.

"Аилак иазхаша ахәшә амоуп. Урыстәылатәи Афедерациаҟынтәи иаҳзаахьан. Ахимиатә хәышәтәра лаҵарамзаз имҩаԥаагап ҳәоуп ҳшазыԥшу. Анапылаҟәшәара ҭагалан акәхоит ианымҩаԥгахо", - иҳәеит Дмитри Хагәыш.

2020 шықәса рзы Ақыҭанхамҩазы Аҳәынҭқарратә еилакы иазыԥхьагәанаҭон анапылаҟәшәара 15 миллион мааҭ ақәхарџьреи ахәшәқәа раахәара ақәхарџьреи. Арахь иаҵанакуан апальматә маҵеи америкатә хьычԥаԥыри рҟынтәи ахәшәқәа раахәарагьы.

Амармалташь пты Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы ицәырҵит ԥшьышықәса раԥхьа. Иара ирласны ареспублика иалаҵәеит. Иара аԥхасҭа рнаҭоит аиаҵәара зегьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0