Аҟәа иԥшәымадоу алақәа рышьра азин ыҟам

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо иусдҵа ишықәныҟәо иахылаԥшлоит акоммуналтә усбарҭа.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 19 – Sputnik. Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо  Беслан Ешба лаҵара 19 рзы аԥстәқәа гәымбылџьбарала рызныҟәара ҟамларц азы аусдҵа инапы аҵаиҩит аԥшәма дызмам аԥстәқәа рышьра азин ыҟамзарц. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь ахадара асаит.

"Аҟәа ақалақь иахьаҵанакуа азин ыҟам иԥшәымадоу, ихуаадоу аԥстәқәа рышьра", - аҳәоит адокумент аҿы.

Аҟәа ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо иусдҵа ахылаԥшра мҩаԥнагалоит ақалақь ахадара акоммуналтә усбарҭа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: