"Араион аҿы аҵыҵындра ҟазҵо рацәахеит. Аамҭа анаалоу, амра бзиан иахьақәыԥхо акәу, мамзаргьы Гәылрыԥшь иахьатәу акәу, ҳара ҳҵыҵындра иаҳа ихаазшәа збоит, исгәаԥхоит. Аҽаҩра бзиоуп, ахәгьы цәгьам, аусдкылаҩцәагьы иахьырҭиуа ыҟоуп, абысҟак бжьысит ҳәа сахь аӡәгьы дмааиц", - ҳәа азгәеиҭеит Бараҭелиа.
Гәылрыԥшь араион ахада иҳәеит атуристтә аамҭа араионтә биуџьет ахарҭәаара ишанымԥшуа атәы.
"Атуристтә аамҭа ҳара ҳбиуџьеҭ анырра анаҭом. Хыбрак еиҿкааны, ауаа ахә маҷны ирыдыркыларгьы, урҭ уи ала рхы ныҟәыргоит ауп. Еиҳараҩык аԥхын убысоуп рхы ишацхраауа. Араион ахь иаауа џьара крыфарҭак ахь днеиуеит, аџьармыкьахь, аԥҭекахь днеиуеит, абасала доусы хәыҷык рхашәала еиҳа еиҳахоит аԥхын аамҭазы ҳтәылаҟа иаауа ибзоурала. Убри аганахьала ари аамҭа ҳахәартә иҟоуп, аха Гагреи, Гәдоуҭеи, Аҟәеи еиԥш абиуџьеҭ ахь иара иабзоураны лагалак ыҟам", - ҳәа азгәеиҭеит Бараҭелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аԥснынтәи Краснодартәи атәылаҿацә ахь аҵыҵындра аекспорт 18-нтә ишьҭыҵит
Аҩӡба аҵыҵындрааӡарҭа аусуразы: Урыстәыла иргәаԥхеит, еиҭа иаҳҭахуп ҳәа иасуеит