Аԥснынтәи Краснодартәи атәылаҿацә ахь аҵыҵындра аекспорт 18-нтә ишьҭыҵит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСбор клубники в Абхазии
Сбор клубники в Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Россельхознадзор адыррақәа рыла, Краснодартәи атәылаҿацә ахь инагоуп 2 571 тонна аҵыҵындра Аԥсны, Ҭырқәтәыла, Египет рҟынтә.

АҞӘА, лаҵара 13 - Sputnik. 2020 шықәса ирҭагӡаны Аԥснынтәи Краснодартәи атәылаҿацә ахь инагоуп 85,6 тонна аҵыҵындра. Ииасыз ашықәс азы абри аамҭала инашьҭын 4,6 тонна.

Краснодартәи атәылаҿацә ахь аҵыҵындра атауар аиҳарак назышьҭуа Ҭырқәтәылоуп. Уахьынтә иаагоуп 2 413 тонна. Египетынтә - 72,5 тонна иҟоу ф-партиак.

Ииасыз ашықәс иаҿырԥшны сынтәа иаагоу аҵыҵындра 22% еиҳауп.

Аалыҵ зегьы Россельхознадзор Аладатәи арегионбжьаратә напхгара аинспекторцәа игәарҭеит ФГБУ "ВНИИКР" Новороссиисктәи афилиал аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0