АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирус рылоу ирыламу азы атестқәа ирхысит 46-ҩык ауааԥсыра, урҭ рахьтә аӡәгьы акоронавирус илам. Абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
"Асасааирҭа "Аиҭар" аҟны аҽыԥхьакра арежим иахысуаз 34-ҩык иахьа аҩныҟа иоушьҭын. Урҭ зегьы арратә курсантцәа роуп, 32-ҩык - Атәылахьчара аминистрра аганахьала, ҩыџьа - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аганахьала. Урҭ зегьы акоронавирус шрымамыз шьақәырӷәӷәан", - ҳәа аҳәоит аоперативтә штаб адырраҭара.
Иахьатәи аамҭазы Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы ахәышәтәра иахысуеит 20-ҩык апациентцәа, урҭ зегьы акоронавирус шрымаз шьақәырӷәӷәан. Апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 25-ҩык COVID-19 рыхьхьеит. Урҭ рахьтә хҩык ргәы бзиахеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа шәрыԥхьар ҟалоит абра>>