АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Анардадаҩцәа Каманҟа узлацо амҩа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рыграфик еиларгеит. Ҿыц иадԥхьалоу анардадаҩцәа ҩымз рыҩнуҵҟа амҩа ҟаҵаны иалгароуп ҳәа аанацҳауеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара асаит.
Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган лаҵара 19 рзы аинспекциа азылуит Каманҟа узго Гәыматәи амҩа.
Абри аан Акапитатә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит анардадаҩцәеи дареи 2017 шықәса раахыс ишеилаӡоу, аобиект азеиԥш харџьынҵатә хәыԥса 110,92 миллион мааҭ ыҟоуп ҳәа.
"Аусурақәа мҩаԥгоуп аӡиас аҟәара арӷәӷәара аганахьала, ацҳа аремонт азуп, Мрагыларатәи Гәыма аӡышьҭра рыцқьоуп. Ишьҭаҵоуп 38 нызқь метр ԥшьыркца акаҭранмҩа. Иаанханы иҟоуп 36 нызқь метр ԥшьыркца. Анардадаҩцәа аҿҳәареи аграфики еиларгеит", - иҳәеит Ҭемыр Агрба.
Иара убасгьы иҳәеит 38,13 миллион мааҭ зқәырӡыз аргыларақәа хҳәаа шрымам. Акаҭранқәҵара иазоужьын 68,58 миллион мааҭ. Иахьазы аусурақәа 50% нагӡоуп.
АУН "Аԥсныавтомҩа" адиректор хада Борис Ачба иажәақәа рыла, аҿҳәарақәа еилаган ари анардадаратә еиҿкаара егьырҭ аобиектқәа рахь иахьышьҭызи ианаамҭаз ахәшәарақәа ахьымҩаԥгамзи иахҟьаны.
Кристина Озган лгәаанагарала, абри аҩыза аҭагылазаашьаан аилаӡарақәа реиҭарыхәаԥшра ахәҭан, даҽа нардадаҩцәак рнапы ианҵаны ианаамҭаз аусурақәа хыркәшатәын.
"Ари амҩа иақәхарџьхо ахәԥса аҽеиҭанакыр ҟалоит, избанзар ахәқәа рҽырыԥсахуеит. Аобиект гылоуп, ауаа ԥшуп. Ҩышықәса арҭ аԥарақәа шьаҳиҭхан иҟоуп, ҳара урҭ даҽаџьара иазҳархар ҟалон, ари аамҭа иалагӡаны иҵегьы аусурақәа урыхьӡар алшон", - лҳәеит лара.
Аус зуаз анардадатә еиҿкаара аусура ацҵара ахьалымшо азы даҽа еиҿкаарак иалацәажәатәуп ҳәа азиԥхьаӡоит Ҭемыр Агрба.
Аекономика аминистр иазгәалҭеит аиҿкааратә зҵаарақәа зегьы оперативла иӡбахар, аобиект ҩымз рыҩнуҵҟа ахархәарахь аҭара ауеит ҳәа. Лара аргылаҩцәа рнапы ианылҵеит аиҿкааратә усурақәа ӡбаны амҩа аиҭашьақәыргылара нап адыркырц.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Аминистрцәа реилазаара азин ҟанаҵеит Каман ақыҭан аӡыржәтә ахархәараз