Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа раттестациаз аршаҳаҭгақәа рыҿҳәара даҽа шықәсык ацҵоуп

Аԥсны ауааԥсыра акоронавирустә инфекциа рацәыхьчаразы аԥкыратә уснагӡатәқәа хацыркын хәажәкыра 28 рзы.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 20 - Sputnik. Аԥсны атуризм азы аминистр Ҭеимураз Хышба Аԥсны аекскурсиамҩаԥгаҩцәа, аекскурсиамҩаԥгаҩцәа-аиҭагаҩцәа, аинструкторцәа уаанӡа изхысхьаз раттестациаз аршаҳаҭгақәа рыҿҳәара даҽа шықәсык ацҵазарц аусԥҟа инапы аҵаиҩит ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

Адырраҭараҿы иара убасгьы иазгәаҭоуп ари аҩыза аӡбамҭа аминистр идикылеит Аекскурсиамҩаԥгаҩцәа рреспубликатә занааҭеидгыла ахантәаҩы Дмитри Габниеи иареи реилацәажәара ашьҭахь ҳәа. Иара азырхоуп апандемиа аамҭазы иахьынӡалшо иманшәалоу аусутә ҭагылазаашьақәа раԥҵаразы.

Уаанӡа, Аԥсны атуризм азы аҳәынҭқарратә еилакы, 2020 шықәса мшаԥымзазы аминистрра ҳәа еиҭакыз, аекскурсиамҩаԥгаҩцәа раттестациазы адокументқәа рыдкылара аҿҳәара арыцхә мшаԥы 7 ахь инахахьан.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: