"Ԥшь-нызқьи 191 гектар адгьыл иахьа ицәаӷәаны иҟоуп, ари акырӡа еиҳауп егьырҭ ашықәсқәа ирҿурԥшуазар. Уи ҳазҭагылоу аамҭа иахҟьазаргьы ауеит. Ажәлар амлакра ҟалар ҳәа ишәоит. Ҳаргьы аҳәара ҳаҿуп адгьыл нап адыркыр шахәҭоу. Анализ ҟаҳҵозар, сынтәа зынӡа ф-нызқь гектар инацны иаҳцәаӷәап ҳәа сгәыӷуеит. Иҟоуп аҭаацәарақәа хәыда-ԥсадагьы иахьырзаҳцәаӷәо, еиҳарак ахәыҷы рацәа змоу. Иаҳҳәап, Гагра араион 25 гектар амалаҳәа ирзаҳцәаӷәахьеит, убас араионқәа зегьы рҿы. Атекникала аганахьала уадаҩра ыҟаӡам. Адгьыл сцәаӷәар сҭахуп ҳәа зҳәаз аӡәгьы ишьҭахь даҳмыргьежьыц, ауаа алаҵара иалагар ҳҭахуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иаҳа-иаҳа имаҷхон изцәаӷәоз, аха сынтәа аҭагылазаашьа акырӡа еиӷьхеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьонуа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Сақаниа: ацәаӷәара ҳазыхиоуп, аха иҳадҵаало анхацәа маҷуп
Атәылауаҩи аиҳабыреи: Наур Гьемуа ақыҭанхамҩа аҿиаразы еиҭаҳаз абаҳчақәа ирызкны