Кавказтәи аибашьреи мчылатәи ахҵәареи иалаӡыз ргәаладыршәеит Аԥсны

Лаҵара 21 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьраан иҭахази ашьхарыуа жәларқәа мчылатәи рхырҵәара иалаӡызи ргәалашәара амш.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Амҳаџьырцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥган Аҟәа лаҵара 21 рзы.

Мчыла зыԥсадгьыл иахцаз ргәаладыршәарц арахь иааиит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа, аԥыза-министр Александр Анқәаб, аекономика аминистр Кристина Озган, ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, аусбарҭақәеи аминистррақәеи рхадацәа.

Асааҭ 20:30 рзы Амҳаџьыраа рбаҟа аҿаԥхьа Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс имҩаԥнагоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара ахьӡала ашьамаҟа абылра.

1864 шықәса, лаҵара 21 – Кавказтәи аибашьра аҵыхәтәантәи амш ҳәа иԥхьаӡоуп.

Ари аибашьра иахҟьаны зықьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны атәым жәҩан аҵаҟахь рхы дырхеит. Иахьа адунеи атәылақәа 50 рҟны инхоит урҭ рхылҵшьҭрақәа. Реиҳа ижәпаҩны инхоит Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа уҳәа Мрагылара ааигәа егьырҭ атәылақәа рыҟны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: