Ахҭыс ҿыцқәа: аԥсуа курсантцәа хҩык акоронавирус рыдырбалеит

Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла акоронавирустә инфекциа рылоу ирыламу агәаҭаразы атестқәа ирхысит 69-ҩык ауааԥсыра.
Sputnik

АҞӘА, лаҵара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи иреиҳау аҵараиурҭақәа ркурсантцәа хҩык акоронавиурс адиагноз рзықәыргылоуп. Урҭ Аҟәа асасааирҭа "Аиҭар" аҟны аобсервациа иахысуан, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Ичмазаҩхаз Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭахь аҽыхәышәтәразы ирышьҭуеит.

Асасааирҭа "Аиҭар" аҟынтә ахәаша, лаҵара 22 рзы аҩныҟа иоушьҭын 28-ҩык ауааԥсыра, урҭ атест ианрыхрыжьыз ашьҭахь акоронавирус шрыламыз шьақәырӷәӷәан. Урҭ зегьы курсантцәоуп - 24-ҩык Атәылахьчара аминистрра аганахьала, 4-ҩык - Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аганахьала.

Аоперативтә штаб адыррақәа рыла, Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны ирхәышәтәуеит 20-ҩык апациентцәа, урҭ зегьы акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп.

Адунеи аҟны апандемиа рыларҳәеижьҭеи Аԥсны иахьаҵанакуа 28-ҩык COVID-19 рыхьхьеит, урҭ рахьтә фҩык ргәабзиара шьақәгылахьеит, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит.

Акоронавирус иадҳәалоу ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>